Ллоид Остин – Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ҳшадгыло шьақәсырҕәҕәарц алшара ахьсоуз сеигәырҕьоит
Ллоид Остин – Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ҳшадгыло шьақәсырҕәҕәарц алшара ахьсоуз сеигәырҕьоит

Америка атәылахьчара аминистр  Ллоид Остин Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили ҭабуп ҳәа иеиҳәеит адкылара бзиа азыҳәан.

Ллоид Остин ишиҩыз ала, Америка Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло шьақәирҕәҕәарц алшара ахьиоуз деигәырҕьоит.

«Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили ҭабуп ҳәа иасҳәоит адкылара бзиа азыҳәан. Қырҭтәыла еснагь ҕәҕәала Америка иадгылан арегион аҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи арҕәҕәара аус аҿы.

Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ҳшадгыло шьақәсырҕәҕәарц алшара ахьсоуз сеигәырҕьоит», — иҩит  Ллоид Остин  Twitter аҿы.