Литва ахада  Гитанас Науседа аофициалтә визитла Қырҭтәыла даҭааит
 Литва ахада  Гитанас Науседа аофициалтә визитла Қырҭтәыла даҭааит

 Литва ахада  Гитанас Науседа аофициалтә визитла Қырҭтәыла даҭааит.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа инақәыршәаны, Литва ахада иҧылара аофициалтә церемониа мҩаҧган Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿы. Аусмҩаҧгатә рхы аладырхәит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиании атәыла ахада лусмҩаҧгарҭа ахаҭарнакцәеи.

Қырҭтәыла ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Литва ахада  Гитанас Науседа, Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвилии, Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии, апарламент ахантәаҩы Каха Куҷавеи, Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх Илиа аҩбатәии дырҧылоит.