Линас Линкиавичус – Аҩбатәи адунеитә еибашьраҿы аиааира Қырҭтәылеи Украинеи рыхәҭақәа раннексиа ала иахьатәи  «аиааирақәа» рырқьиразы ҿыҵгас изыҟалом
Линас Линкиавичус – Аҩбатәи адунеитә еибашьраҿы аиааира Қырҭтәылеи Украинеи рыхәҭақәа раннексиа ала иахьатәи  «аиааирақәа» рырқьиразы ҿыҵгас изыҟалом

Урыстәыла анапхгара рхы иазырҳәеит Аҩбатәи адунеитә еибашьраҿы аиааира Урыстәыла иабзоуроуп ҳәа, уи  Қырҭтәылеи Украинеи рыхәҭақәа раннекциа ала иахьатәи  «аиааирақәа» рырқьиразы ҿыҵгас изыҟалом.

Асоциалтә аҳа  Твиттер аҿы ари атәы иҩит Литва адәныҟатәи аусқәа ҧасатәи рминистр Линас Линкиавичус.

«Аиааира апаради арратә мчы аарҧшреи  — Кремль анапхгара еиҿыркааз илҵшәадоу аныҳәоуп.   76 шықәса раҧхьа иҟаз аиааира ҳара иҳабзоуроуп ҳәа аарыцҳаит, аха,  уи  Қырҭтәылеи Украинеи рыхәҭақәа раннекциа ала иахьатәи  «аиааирақәа» рырқьиразы ҿыҵгас изыҟалом», — иҩит Линкиавичус.