Леван Когуашвили ифильм Ниу-Иорк имҩаҧысуаз акинофестиваль Tribeca аҿы 3 ҳамҭак аиуит
Леван Когуашвили ифильм Ниу-Иорк имҩаҧысуаз акинофестиваль Tribeca аҿы 3 ҳамҭак аиуит

Леван Когуашвили ифильм  «Аҧшьбатәи Браитон» Ниу-Иорк имҩаҧысуаз акинофестиваль Tribeca аҿы 3 ҳамҭак аиуит. Ари аинформациа иануп акинофестиваль асаит аҿы.

Арежиссиор ишиҳәаз ала, афильм анашьамҭа аиуит иреиҕьу афильм аноминациаҿы. Иара убас, иреиҕьу актиор аноминациаҿы аиааира игеит Леван Тедиашвили. Уи адагьы афильм асценаригьы иреиҕьу сценарис иазхаҵан.

Иара иажәақәа рыла, «Аҧшьбатәи Браитон» Кахи Кавсаӡе иҵыхәтәантәи рольхеит.

Леван Когуашвили иҳәамҭала, афильм иҵегьы  10 фестивальк рҟны ицәырыргараны иҟоуп.

«Аҧшьбатәи Браитон» – аемиграциаҿы иҟоу ақырҭуа ақәҧаҩ иҭоурых иазкуп. Ароль хада наигӡоит ҩынтәтәи аолимпиатә чемпион Леван Ҭедиашвили.

Афильм аҧҵан 4 ҳәынҭқаррак русеицура ала.  «Аҧшьбатәи Браитон»  апродиуссерцәа иреиуп Қырҭтәыла Ауаажәларратә телехәаҧшрагьы.