"Лело" аҟынтә Қарҭ ахада иҭыԥ азы акандидатс дықәдыргылеит Анна Бибилашвили
"Лело" аҟынтә Қарҭ ахада иҭыԥ азы акандидатс дықәдыргылеит Анна Бибилашвили

Апартиа “Лело Қырҭтәылазы” аҟынтә Қарҭ ахада иҭыԥ азы акандидатс дықәдыргылеит Анна Бибилашвили.

Апартиа ашьаҭаркҩы Мамука Хазараӡе иажәақәа рыла, Анна Бибилашвили дпрофессионалуп, дурбаниступ, дархитекторуп, ақалақь амоу ауадаҩрақәа рҭыԥқәҵара иадҳәаланы иконкрету ахәаԥшышьа лымоуп.

“Ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟасҵоит, “Лело” иадгыларц, иарбанзаалак аопрозициатә партиа иадгыларц, избан акәзар ҳаззегьы акоуп иаҳҭаху – аӷарреи, амлашьри, аусурҭадареи рыҿгылара,” – иҳәеит Мамука Хазараӡе.