Лаша Дарсалиа – Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҿы апрогресс ҳалацәажәар ҳалшоит аинцидентқәа рпревенциа мацара акәымкәа,  крызҵазкәа апрогресс анҳаулак  
Лаша Дарсалиа – Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҿы апрогресс ҳалацәажәар ҳалшоит аинцидентқәа рпревенциа мацара акәымкәа,  крызҵазкәа апрогресс анҳаулак  

Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа иалагеижьҭеит 13 шықәса ҵит.  Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Лаша Дарсалиа аиҿцәажәарақәа рҵаки рформати даналацәажәоз, иаҵшьны иазгәеиҭеит ф-пунктк рыла ишьақәгылоу аиқәшаҳаҭра анагӡара шакәу  ахадаратә ҵакы змоу, убри азоуп Женеватәи аиҿцәажәарақәа изалагаз.

Дарсалиа ишиҳәаз ала,  Женеватәи аиҿцәажәарақәа альтернатива рымам.

Иара убас, Дарсалиа ишиҳәаз ала, ф-пунктк рыла ишьақәгылоу аиқәшаҳаҭра анагӡара аганахьала  крызҵазкәа апрогресс иҟам.

«Зыӡбахәы ҳәоу аформат шьаҭас иамоу апринцип ауп ахадара злоу. Абри апроцесс ф-пунктк рыла ишьақәгылоу аиқәшаҳаҭра анагӡаразы иалагеит. Уи аҵакы ду амоуп, избанзар, ф-пункттәи аиқәшаҳаҭра нагӡахар,  2008 шықәсатәи аибашьранӡа иҟаз аҭагылазаашьа ҳазыхынҳәуеит, уи аимак аҭыҧқәҵара апроцесс аҿы раҧхьатәи шьаҿахоит. Убри аҟынтә, Женеватәи аиҿцәажәарақәа альтернатива рымам, ҳара абри ахырхарҭала ҧхьаҟацара наҳагӡароуп. Ф-пункттәи аиқәшаҳаҭра анагӡара апроцесс аҿы крызҵазкәа апрогресс иҟам, аха, аинцидентқәа рпревенциа акомпонентгьы аҵакы ду амоуп. Инеизакны иуҳәозар, апрогресс ҳалацәажәар ҳалшоит  аинцидентқәа рпревенциа мацара акәымкәа, крызҵазкәа апрогресс анҳаулак мацара, », — иҳәеит Дарсалиа.