Лаша Дарсалиа иҳәамҭала, иахьа Женева имҩаҧгаз аиҧылара ашьҭахь, ақырҭуа аган  Гахелаӡеи Бебуеи рызҵаара ӡбахап ҳәа агәыҕра рызцәырҵит
 Лаша Дарсалиа иҳәамҭала, иахьа Женева имҩаҧгаз аиҧылара ашьҭахь, ақырҭуа аган  Гахелаӡеи Бебуеи рызҵаара ӡбахап ҳәа агәыҕра рызцәырҵит

«Иахьатәи аиҧылара ашьҭахь  агуманитартәии аполитикатәи зҵарақәа реидыхра ҳалшап ҳәа сгәыҕуеит», — иҳәеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Лаша Дарсалиа Женеватәи аиҿцәажәарақәа данрылацәажәоз.

«Заанаҵы  аҳәамҭа аҟаҵара сҭахым, аха, аиаша шәасҳәап, иахьатәи аиҧылара ашьҭахь Гахелаӡеи Бебуеи рызҵаарақәа ӡбахап ҳәа агәыҕра ҳазцәырҵит.  Агуманитартәии аполитикатәи зҵарақәа реидыхра ҳалшап ҳәа сгәыҕуеит, избанзар, лассы-лассы агуманитартә зҵаарақәа аполитикатә ашьаҭа рырҭоит. Импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы имҩаҧысуа апроцессқәа зегьы рзы аҭак аҧхықәуп Урыстәылатәи афедерациа», — иҳәеит Лаша Дарсалиа.