Лаҵара 19 рзы имҩаҧысуа алхрақәа рҿы алхыҩцәа рбыжьқәа  алхырҭақәа ааба рҿы ирыҧхьаӡоит аелектронтә хархәага ала
Лаҵара 19 рзы имҩаҧысуа алхрақәа рҿы алхыҩцәа рбыжьқәа алхырҭақәа ааба рҿы ирыҧхьаӡоит аелектронтә хархәага ала

Лаҵара 19 рзы имҩаҧысуа алхрақәа рҿы алхыҩцәа рбыжьқәа алхырҭақәа ааба рҿы ирыҧхьаӡоит аелектронтә хархәага ала.

Ацентртә алхратә комиссиа апресспикер  Наҭиа Миқелаӡе лҳәамҭала,  абжьқәа аелектронтә хархәага ала аҧхьаӡара аҧышәаратә проект анеҩстәи аетап мҩаҧысуеит  Ҵҟалтубо алхырҭақәа ҧшьбеи  Тҟибулии алхырҭақәа ҧшьбеи рҿы.  Зыӡбахәы ҳәоу алхырҭақәа рҿы инеизакны ашәәҟы иҭаҩуп  7 762ҩык алхыҩцәа.

Ацентртә алхратә комиссиаҿы ишырҳәаз ала,  абарҭ алхырҭақәа рҿы аелектронтә аппарат шьақәдыргылоит алхратә иашьықьқәа рҿы.  Алхыҩ абиуллетень харҭәааны абжьқәа рыҧхьаӡаратә аппарат  ианҭаиршәлак, аелектронтә хархәага абиуллетень асканер азуны, автоматла алҵшәақәа рыҧхьаӡара иалагоит.  Абжьыҭира ашьҭахь  аамҭа кьаҿ иалагӡаны, аелектронла иҧхьаӡоу  заанаҵтәи алҵшәақәа еилкаахоит.

Ацентртә алхратә комиссиа аинформациа инақәыршәаны, асистема ҿыц иадҳәаланы аиҧыларақәа мҩаҧгоуп алхрақәа ирылахәы асубиектқәеи, иара убас, аҭыҧантәи анаҧшцәеи жәларбжьаратә аиҿкаарақәеи рҟны.

Аҧышәаратә проект мҩаҧысуеит Канадатәи жәларбжьаратә иҳәынҭқарратәым аиҿкаара  – DELIAN  ацхыраара ала.