Крызҵазкәа аиҿцәажәарақәа мҩаҧысуеит раҧхьатәи аетап азы амедицинатә усзуҩцәа рзы авакциа аиуразы
Крызҵазкәа аиҿцәажәарақәа мҩаҧысуеит раҧхьатәи аетап азы амедицинатә усзуҩцәа рзы авакциа аиуразы

Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе ишиҳәаз ала, аплатформа «Ковакси»,  Евроеидгыла  егьырҭ иашьашәалоу астрактурақәеи рҟны активла аиҿцәажәарақәа мҩаҧысуеит раҧхьатәи аетап азы амедицинатә усзуҩцәа рзы авакциана аиуразы.

«Аплатформа «Ковакси»,  Евроеидгыла  егьырҭ иашьашәалоу астрактурақәеи рҟны активла аиҿцәажәарақәа мҩаҧаагоит  раҧхьатәи аетап азы амедицинатә усзуҩцәа рзы авакциана аиуразы. Авакцина аиура ҳшазыхиоу зыршаҳаҭуа ашәҟәы дәықәаҳҵахьеит,  иашьашәалоу аплан ҳамоуп,  ҳазну амчыбжь азы Қырҭтәыла аиҳабыра ари аплан шьақәдырҕәҕәап ҳәа сгәыҕуеит», — иҳәеит Амиран Гамҟрелиӡе.