Кристиан Даниелсон  Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили дылҧылеит
Кристиан Даниелсон  Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили дылҧылеит

Европатәи Ахеилак ахада Шарль Мишель ихатә хаҭарнак Кристиан Даниелсон Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили дылҧылеит.

Даниелсон Орбелианиаа рхан данықәҵуаз акомментари ҟаимҵеит.

Шарль Мишель ихатә хаҭарнак Қырҭтәыла даҭааит хәажәкыра 12 рзы. Иара атәыла анапхгареи аоппозициатә партиақәеи дырҧылахьеит. Даниелсон иахьа Қырҭтәыла дықәҵыр акәын, аха аиҿцәажәарақәа наигӡарц азыҳәан,  ивизит аҿҳәара ациҵеит.

Иахьа шьыжьымҭан Даниелсон аоппозициа ахаҭарнакцәа дырҧылеит.