Кристиан Даниелсон – Евроеидгыла, акризис алҵраҿы Қырҭтәыла иацхраарц азыҳәан, активла абри апроцесс иалахәып, аха, аполитикатә лидерцәа роуп акризис алҵразы аҭак  зыҧхықәу
Кристиан Даниелсон – Евроеидгыла, акризис алҵраҿы Қырҭтәыла иацхраарц азыҳәан, активла абри апроцесс иалахәып, аха, аполитикатә лидерцәа роуп акризис алҵразы аҭак  зыҧхықәу

Евроеидгыла, акризис алҵраҿы Қырҭтәыла иацхраарц азыҳәан, активла абри апроцесс иалахәып, аха, аполитикатә лидерцәа роуп акризис алҵразы аҭак  зыҧхықәу,  – иҳәеит Европатәи Ахеилак ахада ихатә хаҭарнак Кристиан Даниелсон.

Европатәи аполитик даҽазнык иаҵшьны иазгәеиҭеит  акомпромисс ҵакыс иамоу.

«Сара Европарламент быжьҩык адепутатцәа сырҧыланы, ҳаҧхьаҟа иҟаҳҵаша азы срацәажәеит. Иара убас, активла аус зуа иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәагьы сырҧылеит.  Иацы иҟаҵаз аҳәамҭа аинтерес аҵоуп, сгәы ишаанаго ала, ҳаҧхьааҟа атәыла иахәаша акомпромисс иалацәажәоит. Абрахь саиаанӡа Бриуссель аиҧыларақәа мҩаҧызгеит.  Евроеидгыла, акризис алҵраҿы Қырҭтәыла иацхраарц азыҳәан, активла абри апроцесс иалахәып, аха, аполитикатә лидерцәа роуп акризис алҵразы аҭак  зыҧхықәу.  Уаанӡатәи амиссиа аан азҵаарақәа зегьы ибзиаҵәҟьаны иҭаҳҵааит. Аполитикатә партиақәа зегьы акомпромисс азы иҟаҵатәу рдыруеит, уи дара ирусуп, дара, еиқәшаҳаҭны, акомпромисс рыҧшаароуп», — иҳәеит Даниелсон.