Кристиан Даниелсон  "Ақырҭуа гәахәтәы" ахаҭарнакцәа дырҧылоит
Кристиан Даниелсон  "Ақырҭуа гәахәтәы" ахаҭарнакцәа дырҧылоит

Кристиан Даниелсон  “Ақырҭуа гәахәтәы” ахаҭарнакцәа дырҧылоит

Европатәи Ахеилак ахада ихатә хаҭарнак Кристиан Даниельсон анапхгаратә партиа  «Ақырҭуа гәахәтәы» ахаҭарнакцәа дырҧылоит. Аиҧылара мҩаҧысуеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ахаҭарнакраҿы.

Аиҧылара иалахәып апартиа  «Ақырҭуа гәахтәы» анапхгаҩы Иракли Кобахиӡеи, Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Арчил Ҭалакваӡеи, апартиа аполитхеилак алахәыла Шьалуа Папуашвилии.

Иара убас, аиҧылара рхы аладырхәоит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнани Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцели.

Аиҧылара иалагаанӡа аганқәа акомментариақәа ҟарымҵеит.

Иара убас, иахьа Евроеидгыла ахаҭарнакраҿы ақырҭуа оппозициаа рҟны аиҧылара мҩаҧысуеит.