Кристиан Даниельсон "Ақырҭуа гәахәтәы" ахаҭарнакцәа асааҭ 14:00 рзы дырԥылоит
Кристиан Даниельсон "Ақырҭуа гәахәтәы" ахаҭарнакцәа асааҭ 14:00 рзы дырԥылоит

Европа ахеилак ахада Шарль Мишель ихаҭарнак Кристиан Даниельсон “Ақырҭуа гәахәтәы” ахаҭарнакцәа асааҭ 14:00 рзы дырԥылоит.

Ари атәы аарыцҳаит апартиа апрессмаҵзура аҟынтә. Аиԥылара Евроеидгыла ахаҭарнакра аофис аҿы мҩаԥгахоит.

Кристиан Даниельсон  Қырҭтәылаҟа дхынҳәит хәажәкыра 27 рзы. Европатәи Ахеилак ахада Шарль Мишель ихаҭарнак Кристиан Даниельсон актәи аиԥыларқәа мҩаԥигеит Қырҭтәыла Аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвилии ахада Саломе Зурабишвилии рҟны. Иацы  Кристиан Даниелсон   Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгылеи Америкеи рыцҳаражәҳәаҩцәа  Карл Ҳарцели Кели Дегнани, иҳәынҭарратәым еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи дырҧылеит.