Кремль ишаарыцҳаз ала, Урыстәылеи Америкеи рхадацәа рвидео-саммит анымҩаҧысуа арыцхә еилкаахоит америкатә аган рҟны адетальқәа зегьы рзы ианеиқәшаҳаҭхалак ашьҭахь
Кремль ишаарыцҳаз ала, Урыстәылеи Америкеи рхадацәа рвидео-саммит анымҩаҧысуа арыцхә еилкаахоит америкатә аган рҟны адетальқәа зегьы рзы ианеиқәшаҳаҭхалак ашьҭахь

Кремль ишаарыцҳаз ала, Урыстәылеи Америкеи рхадацәа рвидео-саммит анымҩаҧысуа арыцхә еилкаахоит америкатә аган рҟны адетальқәа зегьы рзы ианеиқәшаҳаҭхалак ашьҭахь. Ари атәы ажурналистцәа ирзааицҳаит Урыстәыла ахада ицхырааҩ Иури Ушаков.

Иара иажәақәа рыла авидеоконференциа арежим аҿы аиҿцәажәарақәа мҩаҧгахар ауеит иааиуа амшқәа рзы.

Ушаков иҳәамҭала, онлаин-аиҧылара аан Урыстәылеи Америкеи рхадацәа мрагыларахьала НАТО ишымҭбаахо азы агарантиақәа ирылацәажәоит.

«Мрагыларахьала НАТО арҭбаареи Урыстәыла аҳәаа иаҧну аҳәынҭқаррақәа рҿы, Украинагьы налаҵаны, ҳара ҳзы ишәарҭоу абџьартә система рыргылареи аанызкылаша иашьашәалоу аиуристтә аиқәшаҳаҭхара адкыларазы ҳколлегацәа рҟны аусура ҳазҿлымҳауп», — иҳәеит Ушаков.

Иара ижәақәа рыла, Москва абри аҩыза агарантиақәа амазароуп.

«Асовет Еидгылагьы Урыстәылагьы еснагь агәра ддыргар рҭахын НАТО мрагыларахьала аҽырҭбаауам ҳәа, аха, ишыжәбо ала, абри аҩыза аҳәамҭақәа рынҵамҭақәа шыҟоугьы, ҿырҳәала иҟаҵаз аҳәамҭақәа изакәызаалак мчык рымам. Уажәы, аҭагылазаашьа злаҟо ала, абри аҩыза агарантиақәа ҳамазароуп. Адокумент формас иаиуа сызшәаҳәом, зегьы реиҳа ихадоу, аиқәшаҳаҭхара ақьаад ианызароуп», — иҳәеит Урыстәыла ахада ицхырааҩ.