Кондолиза Раис - НАТО  Қырҭтәылеи Украинеи аднакылароуп
Кондолиза Раис - НАТО  Қырҭтәылеи Украинеи аднакылароуп

«Қырҭтәылеи Украинеи  НАТО иалалароуп», — илҳәеит Америка ҧасатәи аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Кондолиза Раис ашәарҭадара азҵаарақәа ирызкыз Киевтәи афорум аҿы данықәгылоз.

Ари аинформациа аладырҵәеит украинатәи АИХ.

«Бухаресттәи адекларациа иалахәыз  атәылақәа рзы ари аӡбара амч амоуп. НАТО Қырҭтәылеи Украинеи аднакылароуп, убри азыҳәан, абарҭ атәылақәа Ауснагӡатәқәа рплан рыҭатәуп», — илҳәеит Раис.

2008 шықәсазы Бухарест имҩаҧгаз НАТО асаммит аан Кондолиза Раис Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩс дыҟан.

НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыда Джеимс Аппатураи ишиҳәаз ала, НАТО ашәқәа аатуп.

«НАТО ашқәа аатуп. Ҳара Бухаресттәи асаммит аӡбара ҳазгәыкуп. Украинеи Қырҭтәылеи НАТО иалалоит. Иааиуа амчыбжь азы имҩаҧысраны иҟоу асаммит аҿы алианс алидерцәа ари  атәы аргама аарыцҳап ҳәа сгәыҕуеит», — иҳәеит Джеимс Аппатураи.