Кыргызстан  Таџьикистан иахаранаҵоит аҳәаа адемаркациа иазку аиқәшаҳаҭра аилагара
Кыргызстан  Таџьикистан иахаранаҵоит аҳәаа адемаркациа иазку аиқәшаҳаҭра аилагара

Кыргызстан  Таџьикистан ахаранаҵоит ҩ-тәылак рыбжьара аҳәаа адемаркациа иазку аиқәшаҳаҭра аилагара.

Ари аинформациа аланарҵәеит Кыргыстан аиҳабыра рпресс-маҵзура.

Аинформациа ишану ала,  зыӡбахәы ҳәоу аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, иазгәаҭам аҳәаатә цыҧҵәахаҿы,  аҳәаа аделимитациеи адемаркациеи  хыркәшаанӡа, изакәызаалак аусурақәа рымҩаҧгара ҟалом, аха, Таџьикистан  ари аиқәшаҳаҭра еиланагеит.

«Рашәара 4, асааҭ 03.00 рзы,    Кыргыстантәи ареспублика аҳәаа иахысны, 1000 м. рыла атәыла иалаланы,  аҳәынҭқарратә аҳәаа иазгәаҭам ацыҧҵәаха  «Унжу-Булак»  аҿы аконтеинер дыргылеит», — иануп Кыргыстан аиҳабыра рҳәамҭаҿы.

Мшаҧы анҵәамҭазы,  Кыргыстани Таџьикистани еимактәыс ирымоу аҳәаатә цыҧҵәахаҿы аиҿагылара ҟалан, жәаҩык ҭахеит.