Китаи "Синовак" алаҵа рзыҟарҵоит 3 шықәса инаркны 17 шықәсанӡа ахәыҷқәа
Китаи "Синовак" алаҵа рзыҟарҵоит 3 шықәса инаркны 17 шықәсанӡа ахәыҷқәа

Китаи “Синовак” алаҵа рзыҟарҵоит 3 шықәса инаркны 17 шықәсанӡа ахәыҷқәа. Иашьашәалоу аӡьара аднакылеит Китаи арегулиациатә орган.

Иҟоу адыррақәа рыла, уаанӡа акоронавирус азы алаҵа рзыҟарҵон 18 шықәса иреиҳаны зхыҵуаз ахаҿқәа. Аоциаицлтә дыррақәа рыла, Китаи ауааԥсыра рзыҟрҵахьеит 723,5 миллион адоза алаҵа.

Китаити аспециалистцәа ишаарыцҳаз ала, “Синовак” алаҵа аклиникатә ҭҵаарақәа актәии аҩбатәи афазақәа раан аарԥшын, ари алаҵа 3 шықәса инаркны 17 шықәсанӡа ахәыҷқәа рабжьыра аеффект бзиа шамоу.

“Роитер” аинформациа ала, ахәыҷқәа алаҵа рзыҟаҵара зин аиура аҭахуп китаитәи еилахәыра “Синофармгьы”.