Кит Крок -   Clean Network  ахь  Қырҭтәыла алалара афакт даҽазнык ишьақәнарҕәҕәоит Қырҭтәыла  - аинвестициақәа ралаҵаразы аҭыҧ ссир шакәу
Кит Крок -   Clean Network  ахь  Қырҭтәыла алалара афакт даҽазнык ишьақәнарҕәҕәоит Қырҭтәыла  - аинвестициақәа ралаҵаразы аҭыҧ ссир шакәу

«Clean Network ахь Қырҭтәыла алалара абзоурала, шәтәыла аинвестициақәа рыдыҧхьаларазы алшара бзиа аиуит», —  иҳәеит аекономикатә азҳареи, анергетикеи, аҧсабаратә лагылазаареи  азҵаарақәа рзы Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩ   Кит Крок,  Америкеи Қырҭтәылеи рхаҭарнакцәа   5G аҳақәа ршәарҭадара иазку амеморандум рнапы анаҵарҩуаз.

Кит Крок ишиҳәаз ала, аҳа иалахәып  Cisco, ACHP, Fujitsu уҳәа еицырдыруа аилахәырақәа, урҭ адунеи зехьынџьара аинвестициақәа аларҵоит, ҳәарада, ашәарҭадара ахьеиқәыршәоу атәылақәа еиҕьаршьоит.

«Америкеи Евроеидгылеи хазхаҭалатәи асекторқәа  ашьҭымҭа бзиа роуит. Иахьа иҳадаҳкылаз амеморандум даҽазнык ишьақәнарҕәҕәоит Қырҭтәыла аинвестициақәа рылаҵаразы аҭыҧ ссир шакәу.  Аилахәырақәа акоррупциа ахьыҟам аҭыҧқәа ирышьҭоуп,  Clean Network Lines аҿы шәылахәазаареи шәтәылаҿы имҩаҧысуа ареформақәеи рыбзоурала, идуӡӡоу аилахәырақәа шәтәыла аинвестициақәа алаҵара иазҿлымҳахоит», — иҳәеит Кит Крок.