Киев араионтә аӡбара Пиотр Порошенко иаанкыларазы ақәҵара аднакылеит
Киев араионтә аӡбара Пиотр Порошенко иаанкыларазы ақәҵара аднакылеит

Киев араионтә аӡбара Украина ҧасатәи ахада Пиотр Порошенко иаанкыларазы ақәҵара аднакылеит. Ари атәы  ааицҳаит Порошенко идукат Игорь Головин.

Иара иажәақәа рыла, Порошенко Украинаҟа дхынҳәуеит ажьырныҳәа  17 рзы, анеҩс, аӡбарҭаҿы  иҿахәы имырхроуп.

Головин ишиҳәаз ала, Порошенко даныхынҳәлак, иара ихала аӡбарҭашҟа днеиуеит, мчыла инагара аҭаххом.