Келли Дегнан – Зхы иақәиҭу, ииашоу алхарақәа адемократиазы ахадаратә ҵакы рымоуп, ҳара ҳахшыҩ азышьҭны апроцесс ҳацклаҧшуеит
Келли Дегнан – Зхы иақәиҭу, ииашоу алхарақәа адемократиазы ахадаратә ҵакы рымоуп, ҳара ҳахшыҩ азышьҭны апроцесс ҳацклаҧшуеит

Иахьатәи амш Қырҭтәылазы аҵакы ду амоуп,  сара алхрақәа рыцклаҧшра алшара ахьсоуз сеигәырҕьоит. Иахьа Марнеули алхырҭақәак рҿы сыҟан. Амш шыцәгьоугьы, ауаа  ртәылауаратә ҭакҧхықәра нарыгӡоит.  Зхы иақәиҭу,  ииашоу алхрақәа адемократиазы ахадаратә ҵакы рымоуп.  Қырҭтәыла зехьынџьара алхрақәа ирыцклаҧшуеит ацҳаражәҳәарақәа рхаҭарнакцәа рыла еиқәыршәоу  47 агәыҧқәа,   100ҩык иреиҳаны ҳусзуҩцәа ари апроцесс иалахәып.  Ҳара ҳахшыҩ азышьҭны апроцесс ҳацклаҧшуеит, Вашингтонгьы ари апроцесс иацклаҧшуеит», — илҳәеит Келли Дегнан.