Келли Дегнан - Ллоид Остин ивизит ЕАШ-и Қырҭтәылеи ирыбжьоу еизыҟазаашьа ӷәӷәақәа шынагӡо даҽазнык шьықәнарӷәӷәоит
Келли Дегнан - Ллоид Остин ивизит ЕАШ-и Қырҭтәылеи ирыбжьоу еизыҟазаашьа ӷәӷәақәа шынагӡо даҽазнык шьықәнарӷәӷәоит

Ллоид Остин ивизит ЕАШ-и Қырҭтәылеи ирыбжьоу еизыҟазаашьа ӷәӷәақәа шынагӡо даҽазнык шьықәнарӷәӷәоит , – илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу ЕАш ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан Атәылахьчара амаӡаныҟәгаҩ Ллоид Остин Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазаҿ даниԥылоз.

“Иахьа Қырҭтәыла даҭааит ЕАШ атәылахьчара маӡаныҟәгаҩ Ллоид Остин, ари аҳаҭыр дууп. Ллоид Остин ивизит ЕАШ-и Қырҭтәылеи ирыбжьоу еизыҟазаашьа ӷәӷәақәа шынагӡо даҽазнык шьықәнарӷәӷәоит. Ҳусеицура нагӡахоит ашәарҭадаратә зҵаарақәа рҿы. Иахьатәи аиԥыларақәа рҿы ҳарзааҭгылоит Қырҭтәыла атәылахьчара алшара арӷәӷәаразы аганқәа ԥхьаҟа еицыҟарҵо аусқәа,” – илҳәеит Дегнан.

ЕАШ атәылахьчара маӡаныҟәгаҩ Қырҭтәыла аофициалтә ивизит иалагеит