Келли Дегнан – Ҳара анапхгаратәии аоппозициатәи партиақәа рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит мшаҧы 19-тәи аиқәшаҳаҭра нарыгӡарц
Келли Дегнан – Ҳара анапхгаратәии аоппозициатәи партиақәа рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит мшаҧы 19-тәи аиқәшаҳаҭра нарыгӡарц

Иаҳа иҕәҕәоу, иаҳа еиҕьу, ихьыҧшым аӡбаратә система аҧҵара ауп хықәкыс иҟоу, — илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ  Келли Дегнан  Қырҭтәыла аиустициа аминистр  Рати Брегадзе даниҧыла ашьҭахь.

«25 шықәса рыҩнуҵҟа Америка Қырҭтәылаҟны аусеицура иаҿуп аӡбаратә система арҿиара ахырхарҭала.  USAID-и,  Аиустициа аминистрреи, Аҳәынҭқарратә департаменти, егьырҭ америкатә агентрақәеи рыцхыраара ала, ҳара  Қырҭтәыла ашьауҕатә аиашаӡбареи, апенитенциартә системеи, инеизакны, аӡбаратә системеи  аиҕьтәра иазку имаҷымкәа апрограммақәа ҳамоуп. Абри аусхкы аҿы ҕәҕәала аус еицаауеит. Ҳара ибзиаҵәҟьаны иаадыруеит азакәан аиҳаӡареи аӡбаратә системеи шракәу адемократиа зырҕәҕәо.  Убри аҟынтә,  мшаҧы 19-тәи аиқәшаҳаҭра иалахәы апартиақәа аӡбаратә системазы ианеиқәшаҳаҭха даараӡа ҳгәырҕьеит. Ҳара анапхгаратәии аоппозициатәи партиақәа рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит зыӡбахәы ҳәоу аиқәшаҳаҭра нарыгӡарц. Иаҳа иҕәҕәоу, иаҳа еиҕьу аӡбаратә  система аҧҵара ауп хықәкыс иҟоу», — сказала Келли Дегнан.