Келли Дегнан – Амедицинатә експертцәа иаҳа еиҕьны ирдыруеит Михаил Саакашвили ибзиахаразы иаҭаху, уи дара ирусуп
Келли Дегнан – Амедицинатә експертцәа иаҳа еиҕьны ирдыруеит Михаил Саакашвили ибзиахаразы иаҭаху, уи дара ирусуп

«Амедицинатә експертцәа иаҳа еиҕьны ирдыруеит Михаил Саакашвили ибзиахаразы иаҭаху, уи дара ирусуп », — илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан.

Михаил Саакашвили игәабзиара иадҳәаланы ажурналистцәа илырҭаз азҵаара аҭак аныҟалҵоз  ацҳаражәҳәаҩ ишылҳәаз ала,  Саакашвили ихәышәтәра иалахәуп аспециалистцәа, дара роуп абри азҵаара иалацәажәаша.

«Амедицинатә експертцәа роуп абри азҵаара аҭак азҭаша. Жәлар рыхьчаҩ еиҿылкааз амедицинатә гәыҧ иҟоуп, уи еиуеиҧшым аспециалистцәа рыла еиқәыршәоуп, дара иаҳа еиҕьны ирдыруеит Саакашвили ибзиахаразы иаҭаху, уи дара иусуп», — илҳәеит  Келли Дегнан.