Келли Дегнан – Алхрақәа хыркәшоуп, уажәшьҭа апартиақәа зегьы рҽеидкыланы, ареформақәа рымҩаҧгаразы конструктивла аусеицура иалагап ҳәа ҳгәыҕуеит
Келли Дегнан – Алхрақәа хыркәшоуп, уажәшьҭа апартиақәа зегьы рҽеидкыланы, ареформақәа рымҩаҧгаразы конструктивла аусеицура иалагап ҳәа ҳгәыҕуеит

«Алхрақәа хыркәшоуп, уажәшьҭа апартиақәа зегьы рҽеидкыланы, ареформақәа рымҩаҧгаразы конструктивла аусеицура иалагап ҳәа ҳгәыҕуеит», — илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан. Ажурналистцәа лара илазҵааит аоппозициатә партиақәа рхаҭарнакцәа Шарль Мишели, Жозеп Боррели, Оливер Вархелии ирзырыҩыз ашәҟәы иазкны.

«Гәыкала Қырҭтәыла иадгыло жәларбжьаратәи партниорцәа зегьы ареформақәа шынагӡо рбар рҭахуп, уи уамашәа иубаратәы иҟам.

Аҵыхтәантәи 30 шықәса рыла Қырҭтәыла апрогресс ду  ҟалеит ҳәа сгәы иаанагоит, ҳәарада, ари апроцесс нагӡахап ҳәа ҳгәыҕуеит, избанзар, иҵегьы иҟаҵатәу рацәоуп.

Алхрақәа хыркәшоуп, уажәшьҭа апартиақәа зегьы рҽеидкыланы, евроатлантикатә ҭаацәарашҟа Қырҭтәыла алалара иазку ареформақәа рымҩаҧгаразы конструктивла аусеицура иалагап ҳәа ҳгәыҕуеит», — илҳәеит  Келли Дегнан.