Келли Дегнан -  Алидерцәа аҳасабырбаратә хаҿқәаны шьақәгыларц азы ауааԥсыра алхрақәа рахь инеиуеит ҳәа сгәыӷуеит, абри ауп адемократиа  ахи-аҵыхәеи, адемократиаҿ Қырҭтәыла ауааԥсыра роуп ихадоу аҭыԥ аанызкыло

Иахьа анаԥшҩы истатус ала алхрақәа рыцклаԥшра алшара ахьсымоу, сара сзы аҳаҭыр дууп. Арҭ алхрақәа аҵак ҷыда рымоуп, – илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан ажурналистцыәа данрацәажәоз.

Ацҳаражәҳәаҩ Русҭави иҟоу алхырҭа ҭыԥқәак рҿы анапҵшҩы истатус ала дыҟан.

“Иахьа алидерцәа аҳасабырбаратә хаҿқәаны шьақәгыларц азы ауааԥсыра алхрақәа рахь инеиуеит. Ауаԥсыра иақәгәыӷуеит алиедарцәа урҭ рприоритетқәа ирдыруеит ҳәа, иаҳҳәап, аусурҭа ҭыԥқәа, амҩақәа, агәабзиарахьчара. Ари аҽны ауаԥсыра рыбжьы уаҳауеит. Иахьа анаԥшҩы истатус ала алхрақәа рыцклаԥшра алшара ахьсымоу, сара сзы аҳаҭыр дууп. Арҭ алхрақәа аҵак ҷыда рымоуп.  Алидерцәа аҳасабырбаратә хаҿқәаны шьақәгыларц азы ауааԥсыра алхрақәа рахь инеиуеит ҳәа сгәыӷуеит, абри ауп адемократиа ахи-аҵыхәеи, адемократиаҿ Қырҭтәыла ауааԥсыра роуп ихадоу аҭыԥ аанызкыло. Қырҭтәыла ауааԥсыра рыдаҳныҳәалоит, абжьыҭира абас ала ишазныҟәо,” – илҳәеит.