Казахстан апарламент ҵаҟатәи апалата аӡбарала,  Нурсултан Назарбаев иҧсранӡа ианашьаз Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩи Казахстан жәлар Рассамблеиа ахантәаҩи аҭыҧқәа имхуп
Казахстан апарламент ҵаҟатәи апалата аӡбарала,  Нурсултан Назарбаев иҧсранӡа ианашьаз Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩи Казахстан жәлар Рассамблеиа ахантәаҩи аҭыҧқәа имхуп

Казахстан апарламент ҵаҟатәи апалата аӡбарала,  Нурсултан Назарбаев иҧсранӡа ианашьаз Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩи Казахстан жәлар Рассамблеиа ахантәаҩи аҭыҧқәа имхуп. Зыӡбахы ҳәоу аҭыҧқәа ааникылоит Казахстан уажәтәи ахада  Касым-Жомарт Токаев.

Атәыла апарламент ҵаҟатәи апалата адепутат  Канат Нуров   «Фейсбук» аҿы ишиҩыз ала, Назарбаев изинмчи иара ианашьаз астатус «Елбасы»-и (Амилаҭтә лидер)  иазку азакәан иашьашәалоу аҧсахрақәа алагалоуп. Уажәшьҭа абарҭ аҧсахрақәа шьақәырҕәҕәазароуп апарламент хыхьтәи апалатаҿы.

Нурсултан Назарбаев атәыла ахада иаҳасабала инапынҵақәа шьҭеиҵеит  2019 шықәсазы, иара ишьҭрамҭаҩс  Токаев дықәиргылеит. Усҟан, ҧасатәи ахада, иара ихаҭа иҧсранӡа ихы ианеишьеит  Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩреи, иара убас, аҳаҭыртә ахьӡ  «Амилаҭтә лидер»-и.