Казан ашкол ақәлара иахҟьаны аԥсыҭбарақәа ҟалеит
Казан ашкол ақәлара иахҟьаны аԥсыҭбарақәа ҟалеит

Урыстәыла, Казан ашкол ақәлара иахҟьаны аԥсыҭбарақәа ҟалеит. Иҟоу аинформациа ианқәаршәаны, иҭахеит ааҩык аҵаҩцәеи арҵаҩыки.

Казан N175-тәи ашкол ҩыџьа ацәгьауцәа ақәлеит, урҭ рҟынтә аӡәы даанкылоуп, иҟоу адыррақәа рыла уи 17 шықәса ихыҵуеит.

Аҭыԥ аҿы азакәанхьчаҩцәа амобилизациа рзууп.