Кахеҭи хҩык ауааҧсыра ршьит
Кахеҭи хҩык ауааҧсыра ршьит

 

Кахеҭи хҩык ауааҧсыра ршьит. Ҭелавтәи ахәышәтәырҭаҿы ари аинформациа шьақәдырҕәҕәеит.

Ахәшәтәырҭа аҳақьым Нино Ҷитаӡе Қырҭтәыла Актәи аканал азаалыцҳаит арҭ ауаа ахәышәтәырҭашҟа ианнарга иҧсхьан ҳәа.

Аҳақьым лҳәамҭала, рыхҩыкгьы амцабџьарла ишьын.

Аинцидент ҟалеит Ҵинандали абнаҿы.

Зыӡбахәы ҳәоу афакт иадҳәаланы аофициалтә аилыркаарақәа макьана иҟам.