Каха Куҷавеи  Карл Ҳарцели реиҧылара хыркәшоуп
Каха Куҷавеи  Карл Ҳарцели реиҧылара хыркәшоуп

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Каха Куҷава Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцель диҧылеит.

Апарламент апресс-маҵзура аинформациа ишану ала, Карл Ҳарцель  Куҷава  амаҵзураҭыҧ ҿыц аанкылара идныҳәаланы, ақәҿирақәа изеиҕьеишьеит, анеҩс, аганқәа рхаҭарнакцәа иаҵшьны иазгәарҭеит Қырҭтәыла апарламенти Евроеидгыла аделегациеи русеицура аҵакы.

«Аиҧылараҿы, аганқәа рхаҭарнакцәа, апарламент ахантәаҩы ипланқәа ирылацәажәан, Карл ҳарцель Каха Куҷава адгылара ҕәҕәа изааирҧшит. Иара убас, аиҧылара алахәылацәа, Европа Ахеилак ахада Шарль Мишель идокумент аимплементациагьы иазааҭгылан, апарламент ахантәаҩы ишиҳәаз ала, иара ихаҭа адокумент аҭагылазаашьақәа зегьы иаамҭаны рынагӡара дахылаҧшуеит», — иануп апарламент апресс-маҵзура аинформациаҿы.