Каха Куҷава Украина Аҧыза-министр диҧылеит
Каха Куҷава Украина Аҧыза-министр диҧылеит

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Каха Куҷава Украина Аҧыза-министр Денис Шмыгаль диҧылеит.

Апарламент апрессмаҵзура аинформациа ала, аиԥылараҿ аганқәа Қырҭтәылеи Украинеи ирыбжьоу аиҩызаратәи астратегиатәи партниорра рыхцәажәеит.

Апрессмаҵзура адыррақәа рыла, аиԥылараҿ ирыхԥәаԥшит Ураина аҳәаақәа рааигәареи аамҭала импыҵахалоу Ҟрым атерриториеи рҿы иҟоу апроцессқәеи Урыстәыла агрессиеи.

Украина Аԥыза-министр Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Украинахь дааиԥхьеит.