Каха Куҷава визитла Украина ддәықәлеит
Каха Куҷава визитла Украина ддәықәлеит

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Каха Куҷава аофициалтә визитла Украина ддәықәлеит. Ари атәы аарыцҳаит апарламент апрессмаҵзура аҟынтә.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Каха Куҷава Киев Бабин Яр – украинатәи холокост зегь реиҳа игәымбылџьбароу, игәыԥжәагоу ахҭыс иалаӡыз ауаа ргәаларшәара ацеремониа ихы алаирхәоит. Ацеремониа рхы аладырхәоит Израили Германтәылеи рхадацәа, Австриеи, Чехиеи, Швециеи, Словакиеи Польшеи рпарламентқәа рхантәаҩцәа.

Ари атрагедиа ҟалеишьҭеи 80 шықәса ҵит.