Каха Куҷава – Қырҭтәыла аҭоурыхтә 2 регионк урыстәылатәи ампыҵахалара аҵаҟа иҟоуп, арҭ арегионқәа ирықәынхо ауааҧсыра амчылареи азакәандаратә аҧкрақәеи рыхгара рықәшәоит  
Каха Куҷава – Қырҭтәыла аҭоурыхтә 2 регионк урыстәылатәи ампыҵахалара аҵаҟа иҟоуп, арҭ арегионқәа ирықәынхо ауааҧсыра амчылареи азакәандаратә аҧкрақәеи рыхгара рықәшәоит  

— Қырҭтәыла аҭоурыхтә 2 регионк урыстәылатәи ампыҵахалара аҵаҟа иҟоуп, арҭ арегионқәа ирықәынхо ауааҧсыра иахәҭоу амедицинатә цхыраара роуам, рзакәантә интересқәа еилагоуп, — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Каха Куҷава Мадрид имҩаҧысуа Апарламентбжьаратә еидгыла 143-тәи аилатәараҿы.

Иара иажәақәа рыла,  «Covid-19» апандемиа атәылақәа рацәа рполитикатә ҭышәынтәаларазы анырра цәгьа аман.

«Иахьазы аполиаризациа зеиҧшҟамлац ала уцәа ианыруеит, ауаажәларратә аиҟәшара инагӡоит.

Стәылаҿгьы убасҵәҟьоуп ишыҟоу. Аполитикатә полиаризациа уажәгьы проблемас иҳамоуп.

Уи адагьы, Қырҭтәыла аҵакырадгьыл  20 наӡына, Қырҭтәыла аҭоурыхтә 2 регионк  —  Аҧсни Цхинвалтәи арегиони  — урыстәылатәи ампыҵахалара аҵаҟа иҟоуп. Арҭ арегионқәа ирықәынхо ауааҧсыра  амилаҭтә дыргала амчылареи азакәандаратә аҧкрақәеи рыхгара рықәшәоит, дара есымша рыҧсҭазаара аиқәырхара иазықәҧоит, иахәҭоу амедицинатә цхыраара аиура алшара рымам, рзакәантә интересқәа зегьы еилагоуп», — иҳәеит Каха Куҷава.