Каха Куҷава – Киев сыззааиз аус Саакашвили идҳәалам, аха, ҳара ари азҵаарагьы ҳалацәажәоит, аекстрадициа алацәажәарагьы иахәҭам
Каха Куҷава – Киев сыззааиз аус Саакашвили идҳәалам, аха, ҳара ари азҵаарагьы ҳалацәажәоит, аекстрадициа алацәажәарагьы иахәҭам

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Каха Куҷава иҳәамҭала, Михаил Саакавшили Қырҭтәылагьы Украинагьы рҳәаақәа еилеигеит.

«Киев сыззааиз аус Саакашвили идҳәалам, сара ацеремониа салахәып.  Ҳәарада, ҳара ари азҵаарагьы ҳалацәажәоит,  аха,  Саакашвили иекстрадициа азҵаара сагьалацәажәом.  Абри азҵааразы аус еицыруеит иашьашәалоу аусбарҭақәа.  Ҳара ибзиаҵәҟьаны иаадыруеит ҳазлацәажәо ауаҩы  азыӡба шиқәу, уи адагьы, иара Қырҭтәылагьы Украинагьы рҳәаақәа еилеигеит, убри аҟынтә аполитикатә баандаҩтәра алацәажәара иахәҭам.

Саакашвили аилаҩынтәра еиҿикаарц азоуп Қырҭтәылаҟа дзыхынҳәы, аха, уажәтәи алабҿабара иҧырхагахеит. Адукатцәа иара ихьчара азин рымоуп, аӡбаратә система аатуп, апроцесс шымҩаҧысуа жәбар шәылшоит», — иҳәеит Каха Куҷава.

Куҷава ишазгәеиҭаз ала, Саакашвили иус,  Қырҭтәылеи Украинеи реизыҟазаашьақәа рзы анырра аиуам.