Каха Куҷава иахьа аофициалтә визитла Бриуссельҟа ддәықәлоит
Каха Куҷава иахьа аофициалтә визитла Бриуссельҟа ддәықәлоит

 

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Каха Куҷава, лаҵара  16-20 рзы, азакәанҧҵаратә орган ахантәаҩы иҳасабала  Бриуссель раҧхьатәи аофициалтә визит мҩаҧигоит.

Апарламент апресс-маҵзура адыррақәа рыла, авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Каха Куҷава Европарламент ахада  Давид-Мариа Сассолии,  Европарламент акомитетқәа рхантәаҩцәеи, аполитикатә гәыҧқәеи, иара убас, Бельгиа апарламент Ахаҭарнакратә палата ахаҭарнакцәеи   дырҧылоит.

Иара убас,  Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы, Агәыларатә политикеи арҭбаареи азҵаарақәа рзы Евроеидгыла акомиссар Оливер Вархеиси, НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭыҧуаҩ Мирчеи Джоаннеи, аналитикатә центрқәа рхаҭарнакцәеи, ажурналистцәеи дырҧылоит.

Аделегациа иалоуп апарламент авице-спиер Леван Иоселиании евроинтеграциа азҵаарақәа рзы акомитет ахантәаҩы Мака Боҷоришвилии.