Каха Куҷава Европа ахеилак апарламенттә ассамблеиа ахада диԥылеит
Каха Куҷава Европа ахеилак апарламенттә ассамблеиа ахада диԥылеит

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Каха Куҷава Европа ахеилак апарламенттә ассамблеиа ахада Рик Демс диԥылеит.

Қырҭтәыла апарламент апрессмаҵзура аинформациа ала, аиԥылараҿ рыхцәажәеит Европа ахеилак иҟоу Қырҭтәыла аделегациа аусзуреи аихьҵарақәеи.

Иара убас иазааҭгылеит Шарль Мишель идокумент аимплементациа.

Рик Демс ишазгәеиҭаз ала, аиқәшаҳаҭра анагӡара апроцесс рхы аладырхәроуп аполитикатә партиақәа зегьы.

Аиԥылараан зҵаара хаданы иқәгылан 2021 шықәсазы имҩаԥысран иҟоу аҭыԥантәи халанапхгараҭарахь алхрақәа, Каха Куҷава алхрақәа рахь дааиԥхьеит Европа ахеилак анаԥшратә миссиа.

Иара убас аганқәа рыхцәажәеит импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьа.

Каха Куҷава асас иҭабуп ҳәа иаиҳәеит Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаареи рыдгыларазы.