Каха Куҷава апарламент аҿы амлашьра иаҿу Елене Хоштариа дибеит
Каха Куҷава апарламент аҿы амлашьра иаҿу Елене Хоштариа дибеит

Апарламент ахантәаҩы Каха Куҷава апарламент аҿы амлашьра иаҿу Елене Хоштариа дибеит.

Каха Куҷава ишиҳәаз ала, апарламент аҿы шьыжь инаркны хәлаанӡа аҳакьым аус иуеит, иаҭаххар, Елене Хоштариа зыҧшра ҟамҵакәа амедицинатә цхыраара лоуеит.

«Сара Елене Хоштариа дызбеит. Лҭагылазаашьа зеиҧшроу интересс исыман. Ажәлар ирдыруазар сҭахуп,  апарламент аҿы шьыжь инаркны хәлаанӡа аҳакьым аус иуеит, иаҭаххар, Елене Хоштариа зыҧшра ҟамҵакәа амедицинатә цхыраара лоуеит. Елене Хоштариа ак лҭахызар еилыскаар сҭахын,  аха,   ишылҳәаз ала,    акгьы лҭахӡам. Лареи сареи еиҧҟьарада аимадара ҳабжьазаауеит. Лгәабзиара ада уаҳа изакәызаалак темак ҳаламцәажәеит», — иҳәеит Каха Куҷава.

Елене Хоштариа апарламент ахыбраҿы амлашьра далагеит,  лара Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили атылауаҩратә клиникашҟа ииагара даҳәоит.