Каха Куҷава -  Аиҳабыра ихьыҧшым, зхы иақәиҭу, аконкуренциатә алхрақәа рымҩаҧгаразы аҭак рыҧхықәуп
Каха Куҷава -  Аиҳабыра ихьыҧшым, зхы иақәиҭу, аконкуренциатә алхрақәа рымҩаҧгаразы аҭак рыҧхықәуп

«Арегионқәеи, ақыҭақәеи, аҭаацәарақәеи иҕәҕәазар, Қырҭтәылагьы иҕәҕәахоит.  Абри ауп ҳпланқәа зегьы зызку», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Каха Куҷава  «Ақырҭуа гәахәтәы» аҟынтә ақалақь  Аспинӡа  ахада иҭыҧ азы акандидат Ростом  Маграквелиӡе ажәлар данрыдигалоз.

Куҷава, ишиҳәаз ала, атәыла аиҳабыра ихьыҧшым, зхы иақәиҭу, аконкуренциатә алхрақәа рымҩаҧгразы аҭак рыҧхықәуп.

«Аиҳабыра ихьыҧшым, зхы иақәиҭу, аконкуренциатә алхрақәа рымҩаҧгразы аҭак рыҧхықәуп. Апарламент аҿы крызҵазкәа аҧсахрақәа ҳадаҳкылеит, астандартқәа зеиҧшҟамлац ала иҳаракуп, абри аҩыза Алхратә закәанеидкыла Қырҭтәыла хаангьы иҟамызт. Убри адагьы, ҳаамҭазтәи атехнологиақәа раларҵәара ҳалагоит, аелектронтә бжьыҭира мҩаҧаагоит. Агәра ганы ҳаҟоуп  «Ақырҭуа гәахәтәы» аиааира ишаго, ҧшьышықәса рышьҭахь аконкреттә алҵшәақәа шәҳарбоит», — иҳәеит Каха Куҷава.