Каха Калаӡе Қырҭтәыла Актәи аканал даҭабууп крызҵазкәа аспорттә хҭысқәа раарҧшразы
Каха Калаӡе Қырҭтәыла Актәи аканал даҭабууп крызҵазкәа аспорттә хҭысқәа раарҧшразы

Қарҭ ахада Каха Қалаӡе,  ақалақь анапхгара реилатәараҿы,  Қырҭтәыла Актәи аканал анапхгара ҭабуп ҳәа реиҳәеит крызҵазкәа аспорттә хҭысқәа раарҧшразы.

Каха Калаӡе ишиҳәаз ала, ҧхынгәы 11 рзы Ауаажәларратә дырраҭара, крызҵазкәа аспорттә хҭыс – ашьапылампыл азы Европа ачемпионат афинал   ишиашо атранслиациа мҩаҧнагоит.

«Ҧхынгәы 11 рзы зҵакы дуу аспорттә хҭысқәа мҩаҧысуеит  —   Уимблдонтәи атурнир афиналтә матчи ашьапылампыл азы Европа ачемпионат афинали. Италиеи Англиеи реизгақәа еиҧылоит. Абарҧ аҩ-хҭыск  ахәаҧшцәа идҳарбоит апарт Мзиури аҿы, аекран ду аҿы.  «Флимаркет»  асасцәа, адәахьы, аҧсабараҿы, ашәҟәқәа рыҧхьареи аспорт ахәаҧшреи рылшоит.

Қырҭтәыла Ауаажәларратә дырраҭара анапхгара аусеицуразы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп, ҳара ҳаиқәшаҳаҭны ауп абри аус шыҟаҳҵо. Иара убас, ҳара имҩаҧааго  «флимаркет» ишиашо атранслиациагьы мҩаҧыргоит, абри аҩыза аусеицуразы Ауаажәларратә дырраҭара саҭабууп», — иҳәеит Каха Калаӡе.