Каха Калаӡе  - Гьаргь Гахариа анаркотикқәа идикылоит ҳәа аӡәгьы имҳәеит, иара ихаҭа, ихымҩаҧгашьала ауаа агәҩара рызцәырҵратәы иҟаиҵеит
Каха Калаӡе  - Гьаргь Гахариа анаркотикқәа идикылоит ҳәа аӡәгьы имҳәеит, иара ихаҭа, ихымҩаҧгашьала ауаа агәҩара рызцәырҵратәы иҟаиҵеит

«Гьаргь Гахариа анаркотикқәа идикылоит ҳәа аӡәгьы имҳәеит, иара ихаҭа, ихымҩаҧгашьала,  ауаа агәҩара рызцәырҵратәы иҟаиҵеит», — иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе.

Каха Калаӡе ишиҳәаз ала, Гьаргь Гахариа изҵаара иадҳәаланы иҟоу аимак-аиҿак иҽалеигалар иҭахым.

«Гьаргь Гахариа анаркотикқәа идикылоит ҳәа аӡәгьы имҳәеит, иара ихаҭа, ихымҩаҧгашьала,  ауаа агәҩара рызцәырҵратәы иҟаиҵеит. Шәара Иракли Кобахиӡе шәиазҵаар шәылшоит. Иара ари атема инарҭбааны далацәажәоит.  Сара Гьаргь Гахариа изҵаара иадҳәаланы иҟоу аимак-аиҿак сҽалазгалар сҭахым. Ари азҵааразы схатә гәаанагара сымоуп, алхрақәа рышьҭахь зегь шәзеиҭасҳәоит. Алхрақәа мҩаҧысаанӡа ари азҵаара салацәажәар сҭахым », — иҳәеит Каха Калаӡе.