Каха Калаӡе  - Ахьымӡҕ аргареи амцҳәареи иаҿу ателееилахәырақәа рахь анеира сгәы иҭам
Каха Калаӡе  - Ахьымӡҕ аргареи амцҳәареи иаҿу ателееилахәырақәа рахь анеира сгәы иҭам

«Ақырҭуа гәахәтәы» аҟынтә Қарҭ ахада иҭыҧ азы   акандидат Каха Калаӡе    ателееилахәырақәа  — «Мҭаварии», «ТВ Формулеи», «Кавкасиеи» ,  «ТВ Пирвелии»  рефир аҿы иоурыжьҭуа адебатқәа рылахәызааразы мап икит.

«Ахьымӡҕ аргареи амцҳәареи иаҿу ателееилахәырақәа рахь анеира сгәы иҭам.  Сгәы рыцәкаҳаит, избанзар сара хаангьы сырҿагыланы акгьы сымҳәацт, дара сареи сҭаацәареи ҳзы амцҳәара иаҿуп, ҳаҳаҭыр ладырҟәоит. Сара заҵә сакәымкәа, сҭаацәара рышҟагьы ииасит. Уи даараӡа сгәы иалоуп», — иҳәеит Каха Калаӡе.

Каха Калаӡе ишиҳәаз ала, Қарҭ ахада иҭыҧ азы акандидатцәа зегьы дырҧыларц дыхиоуп, аха, анеитралтә телехәаҧшраҿы, Ауаажәларратә дырраҭараҿы.