Каха Калаӡе  -  Ауаажәларратә дырраҭараҿы иацы имҩаҧгаз адебатқәа раан ажәлар ибзиаҵәҟьаны ирбеит акандидатцәа ақалақь аҿиара иадҳәаланы гәаанагарқәас ирымоу
Каха Калаӡе  -  Ауаажәларратә дырраҭараҿы иацы имҩаҧгаз адебатқәа раан ажәлар ибзиаҵәҟьаны ирбеит акандидатцәа ақалақь аҿиара иадҳәаланы гәаанагарқәас ирымоу

Ауаажәларратә дырраҭараҿы иацы имҩаҧгаз адебатқәа раан ажәлар ибзиаҵәҟьаны ирбеит акандидатцәа ақалақь аҿиара иадҳәаланы гәаанагарқәас ирымоу, ҧшьышықәса рыҩнуҵҟала  аҳҭнықалақь аҿы иҟарҵар ирҭаху, — иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе.

«Дара Қарҭ ада, егьирахь зегьы иалацәажәон. Ҳәарада,  жьҭааара 2 рзы ажәлар аӡбара иаша рыдыркылоит, ақалақь аиааиреи, аргылареи аҿиареи анагӡареи еиқәзыршәо  аӡбара», — иҳәеит Калаӡе.

Иацы Қырҭтәыла Актәи аканал аҿы Қарҭ ахада иҭыҧ азы акандидатцәа зегьы рыбжьара адебатқәа мҩаҧган.