Каха Калаӡе -  Ашықәс Ҿыцтәи ақыҭа аиҿкааразы иазҧхьагәаҭаз 700-800 нызқь лари зегьы реиҳа ацхыраара зҭаху аҭаацәарақәа ирыхҭнаҳҵоит
Каха Калаӡе -  Ашықәс Ҿыцтәи ақыҭа аиҿкааразы иазҧхьагәаҭаз 700-800 нызқь лари зегьы реиҳа ацхыраара зҭаху аҭаацәарақәа ирыхҭнаҳҵоит

 

Аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иазҧхьагәаҭаны, ишыҳаӡбаз ала, сынтәа Ашықәс Ҿыцтәи ақыҭа еиҿаҳкаауам, —  аҳҭнықалақь ахада Каха Калаӡе ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Қарҭ аиҳабыра реилатәараҿы.

Калаӡе ишиҳәаз ала, Ашықәс ҿыцтәи ақыҭа аиҿкааразы  700-800 нызқь лари рҭаххон, уажәазы ари аҧара арезервтә фонд иаларҵоит. Қарҭ ахада иҳәамҭала, ари аҧарала зегьы реиҳа ацхыраара зҭаху аҭаацәарақәа ирыцхрааует. Убри азыҳәан, арезервтә фонд аҿы  аплатформа ҷыда аҧырҵахьеит. Ауаа афатә рызнагара иалагахьеит. Каха Калаӡе ишиҳәаз ала, ҷыдала зҭагылазаашьа цәгьоу аҭаацәарақәа рбаза еиқәыршәаны ирымоуп.