Каха Калаӡе  - Акандидатцәа зегьы рыбжьара адебатқәа  рымҩаҧгара сақәшаҳаҭуп
Каха Калаӡе  - Акандидатцәа зегьы рыбжьара адебатқәа  рымҩаҧгара сақәшаҳаҭуп

Қарҭ ахада Каха Калаӡе ишиҳәаз ала,  ақалақь ахада иҭыҧ азы акандидатцәа зегьы рыбжьара адебатқәа рымҩаҧгара дақәшаҳаҭуп.

«Сара аҳәара ҟасҵеит акандидатцәа зегьы,   16ҩык, еизаны, алхратә программа иазкны ажәлар ирацәажәарц. Шәааи, ақалақь аҿиареи Қарҭ азы зҵакы дуу апроектқәеи  ҳрылацәажәап», — иҳәеит Каха Калаӡе.

Иахьа, Қырҭтәыла Актәи аканал аҿы, Қарҭ ахада иҭыҧ азы акандидатцәа рыбжьара адебатқәа мҩаҧысуеит. Акандидатцәа зегьы адебатқәа рылахәызаара иақәшаҳаҭхеит.