Карл Харцель – Сгәы ишаанаго ала, Саакашвили идҳәалоу авидео  аларҵәара иахәҭам, уи аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара иацхраауам
Карл Харцель – Сгәы ишаанаго ала, Саакашвили идҳәалоу авидео  аларҵәара иахәҭам, уи аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара иацхраауам

Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцель  игәаанагарала, Михаил Саакашвили идҳәалоу авидеонҵамҭақәа раларҵәара иахәҭам.

Ажурналистцәа данрацәажәоз иара ишиҳәаз ала, абарҭ акадрқәа раларҵәара аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара иацхраауам.

«Авидеонҵамҭақәа ирыдҳәланы иаартны исҳәар сҭахуп  — сгәы ишаанаго ала, Саакашвили идҳәалоу авидео  аларҵәара иахәҭам, уи аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара иацхраауам.  Абарҭ анҵамҭақәа ахықәкы хада иашьашәалам ҳәа сгәы иаанагоит  — сара Саакашвили игәабзиареи ихадаратә зинқәеи роуп сызлацәажәо, хазхаҭалатәи аҧсҭазаара аламкьысреи аҳаҭыр ахьчареигьы уахь иналаҵаны», — иҳәеит Карл Ҳарцель.