Карл Харцель – Қырҭтәыла ауааҧсыра ргәырҩа рыцеиҩысшоит
 Карл Харцель – Қырҭтәыла ауааҧсыра ргәырҩа рыцеиҩысшоит

Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Харцель Баҭым анхарҭатә корпус аилаҳара аан иҭахаз ауаа руацәа дрыдашшылеит.

«Қырҭтәыла ауааҧсыра ргәырҩа рыцеиҩысшоит. Баҭым иҭахаз ауаа руацәеи рҩызцәеи срыдашшылоит», —  иҩит Карл Ҳарцель  Twitter аҿы.

Жьҭаара 8 рзы, Баҭым,  «Лаҵара 26» амҩаҿы, инақәыршәаны, асааҭ 12:00 рзы, анхарҭатә корпус хәҭак еилаҳаит. Жәҩык ҭахеит, аӡәы деиқәхеит.

Зыӡбахәы ҳәоу афакт иадҳәаланы, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ала хҩык аанкылоуп.

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иӡбарала, жьҭаара 11 Қырҭтәыла зехьынџьара алахьеиқәҵаратә мшны рылаҳәоуп.