Карл Харцель – Леқсо Лашкарава иуацәеи, иҩызцәеи, иколлегацәеи ргәырҩа реицысшоит, Евроеидгыла ҕәҕәала амчылара иақәыӡбоит, АИХи аизареи  ахақәиҭра иадгылоит
Карл Харцель – Леқсо Лашкарава иуацәеи, иҩызцәеи, иколлегацәеи ргәырҩа реицысшоит, Евроеидгыла ҕәҕәала амчылара иақәыӡбоит, АИХи аизареи  ахақәиҭра иадгылоит

Иахьа ателееилахәыра  «Пирвели» аҭыхҩы  Леқсо Лашкарава дшыҧсыз анеилыскаа, даараӡа сгәы иалсит. Иуацәеи, иҩызцәеи, иколлегацәеи ргәырҩа реицысшоит», — иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ  Карл Харцель.

«Леқсо Лашкарава рашәара 5 рзы иҟалаз ахҭысқәа рҭыхразы гәымбылџьбарала дрыпҟеи. Ҳара иҧсра зыхҟьаз амзызқәа реилкаара ҳазыҧшуп, аха, даҽазнык иазгәасҭар сҭахуп  Евроеидгыла ҕәҕәала амчылара иақәыӡбоит, АИХи аизареи  ахақәиҭра иадгылоит», — иҳәеит Карл Харцель.

Рашәара 5 рзы иҟалаз ахҭысқәа раан цәгьала ирпҟаз ателееилахәыра «Пирвели» аҭыхҩы Леқсо Лашкарава иахьа шьыжьымҭан дыҧсит.

Иҧсра зыхҟьаз макьана еилкаам.

Леқсо Лашкарава  мышқәак ахәышәтәырҭа дҭан,  нас,  аҩныҟа доурыжьҭит.

Ателеҭыхҩы иҧсра афакт азы аусеилыргара иалагахьеит.