Карл Харцель – Евроеидгыла аофис аҧхьа ҩ-партиак рлидерцәа реиҿагылара  хьаас иҟасҵеит
Карл Харцель – Евроеидгыла аофис аҧхьа ҩ-партиак рлидерцәа реиҿагылара  хьаас иҟасҵеит

Карл Харцель иацы  Евроеидгыла аофис аҧхьа  «Амилаҭтә ҵысра» алидер Ника Мелиеи  «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡеи  реиҿагылара афакт дахцәажәеит.

«Иацы сареи,  Евроеидгыла иалоу атәылақәа рхаҭарнакцәеи аполитикатә партиақәа рлидерцәа рҟны аиндивидуалтә аиҧыларақәа мҩаҧаагеит. Алхрақәа раҧхьа ишыҟаҟало еиҧш,  уажәгьы алхратә процесс ҳалацәажәон.  Евроеидгыла аофис аҧхьа ҩ-партиак рлидерцәа еиҿагылеит, уи   хьаас иҟасҵеит.  Аха, руаӡәы ажәлар рҿаҧхьа аҭамзаара шьҭаҵаныц, рҽырҭынчырц ирыбжьеигеит, уи даараӡа ибзиоуп. Иара убас, даараӡа саргәамҵуеит аиҿагылара ашьҭахь ашәарҭадара аганахьала ҳофис аҧхьа иҟаз аҭагылазаашьа. Сара иашьашәалоу аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рахь адырра ҟасҵар акәхеит. Иҳаҩсыз амчыбжь азы иҟасҵаз ашьҭымҭа еиҭаҟасҵар сҭахуп: алхраҧхьатәи аконтекст аҿы иарбанзаалак амчылара сақәыӡбоит, иацы иҟалаз  афактгьы еилыргатәуп. Иара убас, аганқәа рахь ааҧхьара ҟасҵоит рҽааныркыларц. Иааиуа амчыбжь азы Қырҭтәыла имҩаҧысуа алхрақәа раан алхыҩцәа зегьы рдемократиатә зин ахархәареи, ҭынч, рхы иақәиҭны абжьыҭиреи  алшара рзеиқәыршәазароуп.

Қырҭтәыла аиҳабыреи аполитикатә партиақәеи абри азин аиқәыршәаразы аҭак рыҧхықәуп», — иҳәеит Карл Ҳарцель.