Карл Харцель – Аиқәшаҳаҭра анагӡара апроцесс аҿы ицәырҵыз раҧхьатәи ауадаҩрақәа ҳархысроуп, уи абзоурала зҵакы дуу ареформақәа рымҩаҧгара ҳалшоит
Карл Харцель – Аиқәшаҳаҭра анагӡара апроцесс аҿы ицәырҵыз раҧхьатәи ауадаҩрақәа ҳархысроуп, уи абзоурала зҵакы дуу ареформақәа рымҩаҧгара ҳалшоит

Қырҭтәыла иҟоау Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ ишиҳәаз ала,  апарламент аҿы амнистиа иазку азакәан иалацәажәоит, уи аҵакы ду амоуп, избанзар зыӡбахәы ҳәоу азакәан мшаҧы 19 рзы ганқәа ирыдыркылаз аиқәшаҳаҭра ала иазҧхьагәаҭоуп.

«Ишаадыруа ала, апарламент аҿы  2 закәанпроект ирылацәажәараны иҟоуп, уи аҵакы ду амоуп, избанзар ари апроцесс аиқәшаҳаҭрала иазҧхьагәаҭоуп.

Уажәтәи аетап азы сара азакәанпроектқәа срылацәажәом, аха апарламент аҿы апартиақәа рыбжьара адискуссиақәа мҩаҧысуеит,  ари аганахьала апрогресс иҟоуп, уи аҵакы ду амоуп», — иҳәеит адипломат.

Карл Харцель иазҵааит : «Европа аҧара ашәара иазыхиоума?» (Ника Мелиа изы ашас ауп излацәажәо).

«Абарҭ азҵаарақәа рылацәажәара ҳаҿуп, иааиуа амшқәа рзы иҟало аабап. Ҳара аиқәшаҳаҭра анагӡара апроцесс аҿы ицәырҵыз раҧхьатәи ауадаҩрақәа ҳархысроуп, уи абзоурала зҵакы дуу ареформақәа рымҩаҧгара ҳалшоит», — иҳәеит Ҳарцель.