Карл Харцель  аганқәа ирыбжьеигоит  "Намахвани ГеС" иадҳәаланы адиалог иалагарц
Карл Харцель  аганқәа ирыбжьеигоит  "Намахвани ГеС" иадҳәаланы адиалог иалагарц

Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Харцель  аганқәа ирыбжьеигоит  “Намахвани ГеС” иадҳәаланы адиалог иалагарц.

Ацҳаражәҳәаҩ ишиҳәаз ала, абри аҩыза азҵаарақәа рҿы аартызаара аҵакы ду амоуп.

«Аганқәа ирыбжьазгоит адиалог иалагарц, аимак алахәылацәа зегьы реиҿцәажәаразы аплатформа еиҿыркаарц. Абри аҩыза азҵаарақәа рҿы аартызаареи иҟалар зылшо алҵшәақәа ахәшьара иаша рыҭареи аҵакы ду амоуп ҳәа сгәы иаанагоит. Иара убас, сара абри азҵаара алацәажәараҿы Аенергетикатә шәарҭадара ахеилак амаӡаныҟәгаҩ илахәызаара садгылоит, аҩ-ганкгьы уи иақәшаҳаҭуп ҳәа сгәы иаанагоит. Абри апроцесс ахырхарҭа иаша аҭатәуп», — иҳәеит Ҳарцель.

Ҩымш ҵуеит  «Намахвани ГЕС» аргылара иаҿагылоу ауааҧсыра Қарҭ акциа мҩаҧыргоижьҭеи.