Карл Харцель – Аӡбаҩцәа рықәыргылара афакт жәларбжьаратәи апартниорцәа рыбжьагара иашьашәаламызт, уи европатәи амҩаҿы Қырҭтәыла ҧхьаҟацара иацхрауам
Карл Харцель – Аӡбаҩцәа рықәыргылара афакт жәларбжьаратәи апартниорцәа рыбжьагара иашьашәаламызт, уи европатәи амҩаҿы Қырҭтәыла ҧхьаҟацара иацхрауам

  «Аӡбаҩцәа рықәыргылара афакт Европатәи Ахеилаки, Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаареи, Евроеидгылеи, Америкеи, егьырҭ апартниорцәеи  иҟарҵаз абжьагара иашьашәалам», — иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцель Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩцәа рықәыргылара азҵаара даналацәажәоз.

Иара иажәақәа рыла, зыӡбахәы ҳәоу афакт Евроеидгылеи Қырҭтәылеи рыбжьара агәреибагара арҕәҕәара иаҧырхагоуп.

«Евроеидгыла адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа амаҵзура ахаҭарнак иацы иҟаиҵаз аҳәамҭа шәаҳазар ҟалап. Иара ишазгәеиҭаз ала, аӡбаҩцәа рықәыргылара афакт амбициатә аӡбаратә реформа апринципқәа ирышьашәалам.  Саргьы иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп атәыла анапхгара  Европатәи Ахеилаки, Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаареи, Евроеидгылеи, Америкеи, егьырҭ апартниорцәеи  иҟарҵаз абжьагара  шатәарымбаз. Убри аҟынтә, абри азҵаара иадҳәаланы ҳара ҳгәы иаанаго акәӡам аус злоу. Ҳара аилибакаара иҟазарц азыҳәан адиалог еиҿаҳкаар ҳҭахын. Аха, рыцҳарас иҟалаз, ус изыҟамлеит.  Лабҿаба иубарҭоуп зыӡбахәы ҳәоу афакт Евроеидгылеи Қырҭтәылеи рыбжьара агәреибагара арҕәҕәареи европатәи амҩаҿы Қырҭтәыла ҧхьаҟацареи  ишаҧырхагоу», — иҳәеит Карл Ҳарцель.